Стенин ихьӡ зху аконкурс алауреатцәа русумҭақәа Буенос-Аирес ицәыргақәҵан

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыставка победителей конкурса им. Андрея Стенина в Вэйхае
Выставка победителей конкурса им. Андрея Стенина в Вэйхае - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афотосахьақәа рзы 2018 шықәсазтәи аконкурс иалахәыз афотосахьақәа рбахьеит Москва, Кеиптаун, Шанхаи, Веихаи, Беирут, Бриуссель, Мадрид.

АҞӘА, жәабран 6 – Sputnik. Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистиказ Жәларбжьаратәи аконкурс Буенос-Аиресҟа инанагеит ҩеижәижәаба рҟынӡа Урыстәыла,  Испаниа, Италиа, Индиа, Ҭырқәтәыла, Иран, Ирак рҟынтәи усумҭа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит аҭҵаарадырреи акультуреи рзы Урыстәылатәи ацентр аҿы. Имҩаԥысуеит жәабран 18 рҟынӡа. Ацәыргақәҵа даҭааит Аргентина иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Дмитри Феоктистов.

"Иахьа шәара ижәбоит аԥшьбатәи аконкурс ахь инагоу аусумҭақәа. Андреи Стенин иколлегацәа, 77 тәыла рҟынтәи ф-нызқь усумҭа аарышьҭит. Ара ижәбо афиналистцәа русумҭақәа роуп. Андреи дзыхнымҳәит. Ирацәаҩуп Андреи иеиԥш изыхнымҳәыз ажурналистцәа, избанзар ажурналист иус ус иҟоуп… жәаҩыла, шәҩыла ашәарҭара ахьыҟоу инеиуеит ажурналистцәа, иҟоу ишыҟоу ауаа иддырбарц. Дара хы иацәшәом, рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ирызхәыцуам, избанзар дара ирлахьынҵоу афотосахьа аҭыхроуп", - иҳәеит иара.

Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы ажиури алахәылацәа алырхит - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы ажиури алахәылацәа алырхит

Феоктистов игәаанагарала ацәыргақәҵа иаанарԥшуеит аекономикатә, асоциалтә ҟазшьа змоу апроблемақәа..

"Афотосахьа – уназхәаԥшны иухашҭуа акакәӡам. Асеиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа рыхәшьара зырҳаракуа, хҭыс хадак иныҭкааны иахьаабо ауп. Иҟалоит иара ҳнадгыланы ҳазхәыцыр", - иҳәоит ацҳаражәҳәаҩ.

Жәларбжьаратәи апроектқәа рцентр МИА "Россия сегодня" анапхгаҩы Васили Пушков иазгәеиҭеит аконкурс амаҵзура аусзуҩцәа ргәаҵаҿы аҭыԥ ҷыда шааннакыло.

"Зны–зынла арыцҳара ҵаҵӷәыс ихазыноу акы аԥҵара иаиуеит. Андреи Стенин ихьӡ зху афотоконкурс ауаҩытәыҩсатә рыцҳара иалиааиит, аха шәҩыла ажурналистцәа рзы имҩақәҵагахеит» ҳәа иҳәеит иара.

Аргентина имҩаԥысуа ацәыргақәҵаҿ ралкаара ауеит Џьастин Салливан инаиркны аиспанец Луис Тато, Одид Вагентштаин, Алексеи Филиппов русумҭақәа.

Урыстәылатәи афотоҭыхыҩ Алиона Кочеткова лусумҭа "Как я болела" аконкурс аҿы гран-при иаԥсахеит. Иара азкуп автор акьыбачымазара даҿагыланы лықәԥара.

Ацәыргақәҵа заанаҵтәи арбара мҩаԥган ООН аштаб-квартираҿ, Ниу-Иорк, абҵара 2, 2018 шықәса рзы, ажурналистцәа ирҿагыланы ацәгьоура хьырхәрада аҟазаара аԥыхра Жәларбжьаратәи амш аҽны. Ацәыргақәҵа далахәын акоммуникациақәеи ауаажәларратә информациеи  рзы ООН амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыԥуаҩ  Елисон Смеил иара убас ООН иҟоу Урыстәыла ахаҭарнак Васили Небензиа.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аконкурс – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0