Апланета Марс ақәныҟәаҩ Curiosity апанораматә видео аанашьҭит

© NASANASA's Curiosity rover has found the first evidence of liquid water on Mars, a significant step in the search for past life on the red planet.
NASA's Curiosity rover has found the first evidence of liquid water on Mars, a significant step in the search for past life on the red planet. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2012 шықәса рзы Curiosity апланета Марс акратер Геил ааигәара итәеит. Уа ибзианы иубарҭоуп апланета аилазаара, "апланета ҟаԥшь" агеологиатә ҭоурых аазырԥшуа.

АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. NASA ирыланарҵәеит апланета Марс америкатәи ақәныҟәаҩ Curiosity иаанашьҭыз апанораматә видео. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Метеорный поток Персеиды - Sputnik Аҧсны
Венесуела аметеорит каҳаит

Акратер Геил агәҭа иҟоу Марс ашьха Еолида аҟынтәи илбааит Curiosity. Иара уа шықәсык иназынаԥшуа аҭҵаарақәа мҩаԥнагон.

Иааиуа ашықәс азы апланетақәныҟәаҩ иара абри араион аҿы имҩаԥнагараны иҟоуп анышәаԥшьеилазаара аҭҵаарақәа.

Curiosity Марс аҟны аҟазаара иахықәкы хаданы иҟоуп апланетаҿ аҳауа, атмосфера, агеологиатәи агеохимиатәи ҟазшьақәа рыҭҵаара, аӡы аҟазаареи аҟамзаареи рышьақәыргылара.

Еизыркуа адыррақәа ҵаҵӷәыс ирзыҟалоит апланета мышкызны ма иахьазы аԥсҭазаараз ихәарҭоу ихәарҭаму аилкаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0