ЕАА Саудтәи Аравиа ацҳаражәҳәаҩыс раԥхьаӡа акәны аԥҳәыс дҟалеит

© Sputnik / Александр Юрьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСаудтәи Аравиа
Саудтәи Аравиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиду аштатқәа рҿы цҳаражәҳәаҩыс дҟалаанӡа апринцесса Рима бинт Бандар бен Султан бен Абдель Азиз Аль Сауд атәыла аспорт Афедерациа хада ахаҭарнакс дыҟан.

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Саудтәи Аравиа акрал Салман бен Абдель Азиз Аль Сауд раԥхьаӡа акәны Еиду аштатқәа рҿы атәыла ацҳаражәҳәаҩыс лыхьӡ иҳәеит апринцесса Риму бинт Бандар бен Султан бен Абдель Азиз Аль Сауд, ҳәа аҩуеит RT.

"Еиду Америкатәи аштатқәа рҿы аминистр иҩаӡара лыманы атәыла ацҳаражәҳәаҩыс дҟалоит апринцесса Риму бинт Бандар бен Султан бен Абдель Азиз Аль Сауд", - ҳәа аҳәоит акрал Иусԥҟаҿы.

2018 шықәса рзы Саудтәи Аравиа азин ҟарҵеит аҳәса амашьынарныҟәцаразы агәраргагақәа рыҭара.

Уи адагьы аҳәса азин роуит атәыла арратә мчрақәа ирылахәхарци ашьапылампыл азы ахәмаррақәа рыхәаԥшразы астадион ахь анеиреи.

Апринцесса Рима апринц Бандара, Вашингтон иҟоу саудтәи адипмиссиа 22 шықәса (1983- 2005шш. рзы) иахадаз, диԥҳауп.

Еиду аштатқәа рҿы цҳаражәҳәаҩыс дҟалаанӡа апринцесса Рима бинт Бандар бен Султан бен Абдель Азиз Аль Сауд атәыла аспорт Афедерациа хада ахаҭарнакс дыҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0