Пакистантәи аруаа Индиа аҳаирпланқәа ҩба карыжьит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСоревнования расчетов ПВО "Мастера противоздушного боя"
Соревнования расчетов ПВО Мастера противоздушного боя - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Пакистан адәныҟатәи аусқәа рминистрра Индиа хылаԥшра знаҭо Кашмир ахәҭаҿы иҟалаз ахҭыс арегион аҿы аҭышәынтәалара иаԥырхагоуп, Исламабад уи аҭак ҟанаҵароуп ҳәа азгәанаҭахьан.

АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Индиа арра-ҳаиртә мчрақәа аҩаша ашьыжь, Индиеи Пакистани рҳәааҿ иҟоу Кашмир иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы атеррористцәа рлагер ҭанархеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура ANI адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Индиатәи авиациа - Sputnik Аҧсны
Индиатәи авиациа атеррористцәа рлагер абомбақәа аланажьит

"Абри аҭакс Пакистан арра-ҳаиртә мчрақәа иахьа ашьыжь ахылаԥшратә цәаҳәа аҳәаа иахысны Индиатәи арратә ҳаирпланқәа ҩба карыжьит. Аҳаирпланқәа руак каҳаит Азад Кашмир иахьаҵанакуа, егьи – ахылаԥшратә цәаҳәа иахьаҵанакуа", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Пакистан арратә мчрақәа рыпресс-маҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Асиф Гафур.

Индиатәи арратә ҳаирпланқәа 12–"Мираж" 2000 жәабран 26 асааҭ 03:30 рзы ареид мҩаԥыргон. Аҳаирпланқәа тонна-тоннак иҟоу абомбақәа аларыжьит агәыԥ "Джаиш-е-Мухаммад" аҽазыҟаҵаратә лагер. Абри ҟалеитаисламистцәа ргәыԥ "Джаиш-е-Мухаммад" алахәыла Джамму Кашмир аҿы иҽанԥижәа ашьҭахь. Усҟан 45-ҩык ауаа аахақәа роуит.

Ниу-Делии Исламабади рыбжьара аибарххара иҟаз еиҳагьы аҽарҵарит.

Джаммуи Кашмири аштатқәа рҿы ирацәоуп атеррористтә гәыԥқәа аштатқәа рхьыԥшымра ма Пакистан радҵара иадгыло. Убри аан абри аҭыԥ аҿы Индиеи Пакистани рыбжьара аофициалтә ҳәаа ыҟам. Ар еиҟәызшо "ахылаԥшратә цәаҳәоуп".

Ажәабжьқәа зегьы
0