Вышински ахарадҵаратә шәҟәынҵа ирҭеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВышински ахарадҵаратә шәҟәынҵа ирҭеит
Вышински ахарадҵаратә шәҟәынҵа ирҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина апрокуратура ажьырныҳәа 14 рзы аҳәамҭа ҟанаҵеит Вышински аҭҵаара шыхнаркәшаз азы.

АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Кирилл Вышински, апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы, Украина ирбаандаҩу, иганахь ала еиҿкаау ашьаус аматериалқәа ҭиҵааит. Уажәы иара ахарадҵаратә акт ирҭеит адырразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ажурналист идукат Андреи Домански иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
ОБСЕ Вышински иус ҷыдала азҿлымҳара арҭоит

"Ари хыркәшаратә усҭҵаароуп, иаанаго аус аӡбарҭахь инашьҭхоит ауп", - иҳәоит Домански.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазыԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп. Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп аха макьаназ уи аҭак ҟаҵам. Урыстәыла ахада аҭагылазаашьа еиԥшу ҿырԥшык ыҟан иҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкыло ипрфессионалтә усураз ауп" ҳәа.

Украина апрокуратура хада Вышински иус аҭҵааразы имаз аамҭа аркьаҿырц аҭахуп

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахь ала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭтәызарц.

Ажьырныҳәа 14 рзы Украина апрокуратура аҳәамҭа ҟанаҵеит Вышински иус хыркәшоуп ҳәа. 30 том рҟынӡа инаӡо ажурналист иусшәҟәқәа иара ихаҭа иеиԥш идукатцәагьы аԥхьарц ирыҭан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0