Пакистан ар Кашмир амцанкылара арежим еиланагеит

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пакистантәи АИХқәа уаанӡатәи рдыррақәа рыла аҩаша ауха пакистантәи арра-мшынтә мчрақәа аҵакыратә ӡқәа рҟны игәарҭеит индиатәи аӡыҵаҟатә ӷба, уи Пакистан аҵакырадгьылтә ӡқәа рахь анеира аԥдырҟәҟәааит.

АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Индиа атәылахьчара аминистрра адыррала Пакистан ар еиҭахгьы Кашмир амцаанкылара арежим еилаганы индиатәи аруаа рпозициақәа иреихсуан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Имран Хан - Sputnik Аҧсны
Пакистан аԥыза-министр Индиа адиалог иадиԥхьалоит

Индиа атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аполковник Девендер Ананд еиҭеиҳәеит аминамиотқәа рыла ахысрақәа ишрылагаз мзызк ыҟамкәа. Ахысрақәа ирылагеит аҩаша ауха, асааҭ 22:30 рзы. Ахысрақәа мҩаԥыргон асааҭ 04:30 рҟынӡа иҳәеит иара.

Иара убасгьы иҳәеит аиҿахысрақәа шцоз Ноушери Пунчи араионқәа рҿы. Ананд имоу адыррақәа рыла индиатәи солдаҭк дхәуп.

Уи адагьы иара иҳәеит аҩаша ауха пакистантәи арра-мшынтә мчрақәа аҵакыратә ӡқәа рҟны игәарҭеит индиатәи аӡыҵаҟатә ӷба, уи Пакистан аҵакырадгьылтә ӡқәа рахь анеира аԥдырҟәҟәааит ҳәа иҟоу аинформациа шԥаршеиу.

Индиеи Пакистани реизыҟазаашьақәа рҽеиҭаркит Индиатәи арратә ҳаирпланқәа 12–"Мираж" 2000 жәабран 26 асааҭ 03:30 рзы ареид амҩаԥгараан тонна-тоннак иҟоу абомбақәа агәыԥ "Джаиш-е-Мухаммад" аҽазыҟаҵаратә лагер ианаларыжь ашьҭахь. Абри ҟалеит аисламистцәа ргәыԥ "Джаиш-е-Мухаммад" алахәыла Джамму Кашмир аҿы иҽанԥижәа ашьҭахь. Усҟан 45-ҩык ауаа аахақәа роуит.

Пакистантәи аруаа Индиа аҳаирпланқәа ҩба карыжьит

Ниу-Делии Исламабади рыбжьара аибарххара иҟаз еиҳагьы аҽарҵарит.

Джаммуи Кашмири аштатқәа рҿы ирацәоуп атеррористтә гәыԥқәа аштатқәа рхьыԥшымра, ма Пакистан радҵара иадгыло. Убри аан абри аҭыԥ аҿы Индиеи Пакистани рыбжьара аофициалтә ҳәаа ыҟам. Ар еиҟәызшо "ахылаԥшратә цәаҳәоуп".

 

Ажәабжьқәа зегьы
0