Вышински ихарадҵатә шәҟәынҵа Киевтәи аӡбарҭахь инашьҭуп

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраапортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински
апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Украина ирбаандаҩу, апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински иганахь ала еиҿкаау ашьаус аматериалқәа ҭиҵааит. Уажәы иара ахарадҵаратә шәҟәынҵа ирҭеит адырразы.

АҞӘА, хәажәкыра 6 — Sputnik. Украина апрокуратура хада апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински ихарадҵатә шәҟәынҵа аӡбарҭахь инанашьҭит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Вышински ахарадҵаратә шәҟәынҵа ирҭеит - Sputnik Аҧсны
Вышински ахарадҵаратә шәҟәынҵа ирҭеит

Аус иахәаԥшраны иҟоуп Киев ақалақь Подольсктәи араион аӡбарҭа.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазыԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп. Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп аха макьаназ уи аҭак ҟаҵам. Урыстәыла ахада аҭагылазаашьа еиԥшу ҿырԥшык ыҟан иҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкыло ипрфессионалтә усураз ауп" ҳәа.

ОБСЕ Вышински иус ҷыдала азҿлымҳара арҭоит

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахь ала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭтәызарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0