Netflix Маркес ироман "Шәышықәса азаҵәра" ала асериал ҭнахуеит

© Фото : NetflixNetflix
Netflix - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Маркес ирҿиамҭақәа инарылукааша аҩымҭа "Шәышықәса азаҵәра" раԥхьаӡа акәны аекран ахь ицәыргахоит.

АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Америкатәи акиноеилахәыра Netflix азин аанахәеит колумбиатәи ашәҟәыҩҩы Габриель Гарсиа Маркес ироман "Шәышықәса азаҵәра" ала асериал аҭыхразы ҳәа аанацҳауеит RT.

Апортал Variety адыррала анагӡаратә продиусерцәа ҳәа иқәгылоит ашәҟәыҩҩы иԥацәа Родригои Гонсалои Гарсиаа. Иҟоу аинформациала ароман асериал аформат ала иҭыххоит. Аҭыхрақәа реиҳарак мҩаԥысуеит Колумбиа.

Ароман ҭыҵит 1967 шықәса рзы, атираж аа-нызқь цыра ыҟаны. Иахьазы 46 бызшәа рахь еиҭаргахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0