Ҟрым азы Евроеидгыла ааԥхьара Урыстәыла Афедерациатә хеилак аҿы иақәыӡбеит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҞрым
Ҟрым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Афедерациа ахеилак алахәыла Франц Клинцевич Евроеидгыла Ҟрым аганахьала иҟанаҵаз аҳәамҭа дақәыӡбеит.

АҞӘА, хәажәкыра 18 — Sputnik. Евроеидгыла Ҟрымтәи ареферендум алҵшәақәа ахьаднамкыло иара ахаҭоуп изԥырхагоу ҳәа иҳәеит Урыстәыла Афедерациа Ахеилак алахәыла Франц Клинцевич.

Франц Клинцевич Европахь ааԥхьара ҟаиҵеит ахатәы интересқәа ирызхьаԥшларц, ЕАА аполитика азхәыцра аасҭа.

Хәышықәса ҵит Урыстәыла Ҟрым астатус Евроеидгыла аганахьала иазхаҵамкәа иҟоуижьҭеи, аринахысгьы ус инхалар алшоит иҳәеит Клинцевич, иагьациҵеит, "иахьа акәымзаргьы, уаҵәы ахшыҩ аԥыжәара агоит" ҳәа.

Евроеидгыла Урыстәыла адларазы Ҟрым имҩаԥгаз ареферендум хәышықәса ахыҵра инадҳәаланы алаҳәара ҟанаҵеит уи алҵшәақәа шазханамҵо азы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0