Марлен Хуциев иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМарлен Хуциев
Марлен Хуциев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Боткинтәи ахәышәтәырҭаҿы 94 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит акинорежиссиор, асценарист Марлен Хуциев.

АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Хәажәкыра 19 рзы, Боткинтәи ахәышәтәырҭаҿы, 94 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит акинорежиссиор, асценарист Марлен Хуциев ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Марлен Мартын-иԥа хәажәкыра 19 ашьыжь асааҭ быжьба рзы иԥсҭазаара далҵит", - иҳәеит Урыстәыла Акинематографистцәа реидгыла ахаҭарнак.

Марлен Хуциев – адунеи аҟны еицырдыруа классикуп. Иусумҭақәа еиуеиԥшым жәларбжьаратәии урыстәылатәии акинофестивальқәа рҿы аԥхьахәқәа ирыԥсахахьан. 1965 шықәса рзы Венециа имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль аҿы ифильм "Застава Ильича" ажиури раԥхьахә ҷыда аиуит, Рим – "Ахьтәы пластина" анашьахеит. 1970 шықәса рзы афильм "Был месяц май" Интервидение аԥхьахәи афестиваль "Злата Прага" аԥхьахәи анаршьеит. Акиносахьа "Бесконечность" Альфред Бауер ихьӡ зху аԥхьахә иаԥсахеит Берлин, 1992 шықәсазы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0