Вышински Украина атәылауаа рыла иԥсахра мап ацәикит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВышински Украина атәылауаа рыла иԥсахра мап ацәикит
Вышински Украина атәылауаа рыла иԥсахра мап ацәикит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иаанкылара азакәаншьаҭа шамам азы аппелиациа нашьҭуп Украина Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә палатахь ахаша, хәажәкыра 20 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински аҳәамҭа ҟаиҵеит ииҭахны иҟоу Украина атәылауаа рыҭныԥсахлара акәымкәа ииашамкәа даанкыланы дшыҟоу атәы ашьақәырӷәӷәара шакәу азы.

Рассмотрение жалобы на продление ареста К. Вышинскому - Sputnik Аҧсны
Украина Иреиҳаӡоу ахашшааратә ӡбарҭа Вышински иус иахәаԥшуеит

"Сара џьоукы срыҭнырыԥсахландаз ҳәа сыҟам. Исҭаху ииашамкәа сшаанкыло ашьақәыргылароуп", - ҳәа ажурналист иажәақәа аалгоит Урыстәыла аомбудсмен Татиана Москалькова. Лара хәажәкыра 20 рзы ажурналист иус азы аӡбарҭатә еилатәара далахәын.

Москалькова лажәақәа рыла Вышински игәабзиара ҭышәынтәалоуп, ҩымш ҵуеит жәларбжьаратәи анормақәа ирықәшәо акамерахь диагоижьҭеи.

Киевтәи аӡбарҭа аилатәара аӡбрала ажурналист ихашшаразы идукат изыҳәа нашьҭуп Украина Иреиҳаӡоу Ахашшааратә палатахь.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп. Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам. Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Адукат: Вышински иаанкыларҭа аҭагылазаашьа ауаҩы изинқәа еиланагоит

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0