Захарова ЕАА ахь ааԥхьара ҟалҵеит Венесуела асанкциақәа ахнахырц

© Sputnik / Эва Мари Ускатеги / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗахарова ЕАА ахь ааԥхьара ҟалҵеит Венесуела асанкциақәа ахнахырц
Захарова ЕАА ахь ааԥхьара ҟалҵеит Венесуела асанкциақәа ахнахырц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа амилаҭтә шәарҭадаразы ЕАА ахада иабжьгаҩ Џьон Болтон аҳәамҭа ҟаиҵахьан ЕАА "Адунеи Мраҭашәаратәи ахәҭаҿы атәым ҳәынҭқаррақәа аҭагылазаашьа рхы аларгалар" шамуазы.

АҞӘА, хәажәкыра 27- Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова аҳәамҭа ҟалҵеит Вашингтон Венесуела ажәлар ҭынчымҩа рнаҭарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Џьон Болтон иасҳәар сҭахуп Мраҭашәаратәи тәылак Венесуела иацрыӡаар, венесуелаа Вашингтон ацхыраарадагьы рхы дара ирбартә иҟоуп ҳәа", - лыҩуеит Захарова Facebook аҿтәи лдаҟьаҿы.

Президент Венесуэлы Николас Мадуро. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Мадуро Гуаидо иахь ааԥхьара ҟаиҵеит алхрақәа рылаиҳәарц

Уаанӡа Болтон Урыстәылахь ихы рханы иҳәахьан "Венесуелаҟа арратә ҳаирпланқәа рынашьҭра ацынхәрас, агуманитартә цхыраара ҟаҵатәуп", - ҳәа.

Ажьырныҳәа 21 рзы Венесуела иахьатәи ахада Николас Мадуро иҿагыланы Каракас ақәгыларақәа ирылагеит. Апарламент аспикер Хуан Гуаидо ажьырныҳәа 23 рзы атәыла ахадас ихы рылеиҳәеит.

Усҟан Гуаидо истатус адгылара арҭеит: ЕАА, Канада, Аргентина, Бразилиа, Чили, Колумбиа, Коста-Рика, Гватемала, Гондурас, Панама, Парагваи, Перу, Қырҭтәыла.

Урыстәыла Мадуро адгылара инаҭоит аконституциатә шьаҭа зманы иҟоу атәыла ахадак иҳасаб ала.

Европатәи атәылақәа зеижә: Испаниа, Португалиа, Германиа, Великобританиа, Даниа, Нидерланды, Франциа, Венгриа, Австриа, Финлиандиа, Бельгиа, Лиуксембург, Чехиа, Латвиа, Литва, Естониа, Польша, Швециа, Хорватиа, Македониа, Румыниа - жәабран 4 рзы рнапы еицаҵарҩит адекларациа, уа иазгәарҭеит Хуан Гуаидо аамҭалатәи Венесуела ахада ҳәа дшазхарҵо азы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0