Москалькова ООН ахь азыҳәа налышьҭуеит Вышински иус инадҳәаланы

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаседание суда по делу журналиста К. Вышинского
Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рзы анапынҵа ҷыдақәа змоу Татиана Москалькова илыгәҭакуп ООН Иреиҳаӡоу акомиссар Мишель Бачелет ихьӡала азыҳәа налышьҭырц.

АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Урыстәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рзы анапынҵа ҷыдақәа змоу Татиана Москалькова илыгәҭакуп ООН Иреиҳаӡоу акомиссар Иусбарҭахьи егьырҭ жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рахь апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иус инадҳәаланы азыҳәақәа рынашьҭра.

Киевтәи аӡбарҭа Вышински ибаандаҩра ихнамхит - Sputnik Аҧсны
Киевтәи аӡбарҭа Вышински ибаандаҩра ихнамхит

"Сара сганахь ала Вышински изинқәеи иинтиресқәеи рыхьчаразы аусурақәа ирыцҵахоит. Уи адагьы жәларбжьаратәи аусбарҭақәа рахь аҳәарақәа насышьҭлоит ажурналистцәа рзинқәа рыхьчаразы еиҳа активла рхы мҩаԥыргаларц", - ҳәа Москалькова лажәақәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рзы анапынҵа ҷыдақәа змоу Татиана Москалькова иара убасгьы илыгәҭакуп ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы Иреиҳаӡоу Арадаҿ азинмчра змоурнырра.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Вышински Украина атәылауаа рыла иԥсахра мап ацәикит - Sputnik Аҧсны
Вышински Украина атәылауаа рыла иԥсахра мап ацәикит

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам. Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0