Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аиҩызаразы аиқәшаҳаҭра аусура аанкылоуп

© Sputnik / Владимир Сергеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУкраинеи Урыстәылеи
Украинеи Урыстәылеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москвеи Киеви реизыҟазаашьақәа азыԥхьагәазҭоз аиқәшаҳаҭра хада аусура аанкылахеит мшаԥы 1 инаркны.

АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аилахәыреи рзы аиқәшаҳаҭра ашәахьа, мшаԥы 1 инаркны аусура аанкылоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Украинеи Урыстәылеи рхадацәа Борис Ельцини Леонид Кучмеи 1997 шықәса рзы. Ашәҟәы азинмчы аиуит 1999 шықәса, мшаԥы 1 азы. Аиқәшаҳаҭра ҿҳәарас иаман 10 шықәса, анаҩс даҽа 10 шықәса ҳәа уи аусура иацҵан.

Флаг на крыше Верховной Рады Украины в Киеве. - Sputnik Аҧсны
Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра аусура аанкылахоит

Аиқәшаҳаҭраҟны иазгәаҭан Украинеи Урыстәылеи досу рҵакырадгьылқәа ракзаара азхарҵоит, рыбжьара иҟоу аҳәаақәа реилымшәара иадгылоит, амилаҭтә еиҵарақәа реитникатш ркультуратә, рдинтә ҭахрақәа рыхьчара еиқәдыршәоит ҳәа. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, иарбанзаалак аган аҵакырадгьыл аҿы инхо егьи аган атәылауаа ринтересқәа рыхьчара иазыхиоуп.

Ԥхынҷкәын 10 2018 шықәса рзы Украина ахада Пиотр Порошенко инапы аҵеиҩит Урыстәылеи Украинеи реиҩызаразы аиқәшаҳаҭра аанкыларазы азакәан. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Киев аӡбара асоциалтәи, аекономикатәи, агуманитартәи хҟьа-ԥҟьа зауа гхоуп ҳәа ахырҳәааит.

Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Павел Климкин "украинатәи анапхгара иҟарҵаз иашоуп" ҳәа дахәаԥшуеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0