Вышински идукат Украинаҟа дхынҳәыр ддырбаандаҩыр ҳәа дшәоит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВышински идукат Украинаҟа дхынҳәыр ддырбаандаҩыр ҳәа дшәоит
Вышински идукат Украинаҟа дхынҳәыр ддырбаандаҩыр ҳәа дшәоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адукат Кирилл Домански, ажурналист Кирилл Вышински ихьчаҩ, Украинаҟа дхынҳәыр ддырбаандаҩыр ҳәа дшәоит.

АҞӘА, мшаԥы 2– Sputnik. Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински идукат Андреи Домански уажәы Бриуссель дыҟоуп, аха Украинаҟа дхынҳәыр ддырбаандаҩыр ҳәа дшәоит.

"Сара иҟоу шыҟоу еиҭасҳәоит ҳәа Бриуссель ианысҳәа ашьҭахь Украина апрокуратура хада цәгьоурак салахәушәа агәҩара ыҟоуп ҳәа ахҳәааны ашәҟәқәа еиқәдырҽаҽеит", - ҳәа Андреи Домански иажәақәа аанагоит РИА Новости.

Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
Москалькова ООН ахь азыҳәа налышьҭуеит Вышински иус инадҳәаланы

Доманскии иҳәоит иарбан цәгьоуроу зыӡбахә рымоу шизымдыруа. Адукат игәаанагарала иҟарҵо зыҟарҵо аҩныҟа дымхынҳәырц азоуп.

"Иҟоу зыҟарҵо мшаԥы 4 рзы аӡбара салахәхар ҳәа иахьшәо ауп", - ҳәа иҳәоит иара.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам. Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0