Еиду аштатқәа рконтингент Ливиа аамҭала иалыргоит

© AFP 2023 / Martin BureauЕАА рар асолдаҭцәа
ЕАА рар асолдаҭцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 5 рзы Ливиатәи амилаҭтә ар рхада амаршал Халиф Хафтар адҵа ҟаиҵеит ар Триполи "атеррористцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәырц".

АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Еиду аштатқәа рырратә мчқәа Африкатәи ргәыԥ аамҭала Ливиа аанрыжьуеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ар рнапхгара рофициалтә Twitter аҿы иҟоу адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Белый дом - Sputnik Аҧсны
ЕАА атәылахьчаратә биуџьет еиҿнакаауеит

"Еиду аштатқәа рырратә мчқәа Африкатәи агәыԥ аамҭала Ливиа аанрыжьуеит, уа аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахаанӡа. Ҳара аҭагылазаашьа ҳашьклаԥшуеит. Ливиа макьаназы иҟалаша ҳәа акгьы ҳазҳәом", - аҳәоит адырраҭара, ар рхада Томас Уалдхаузер иажәақәа еиҭаҳәо.

Мшаԥы 5 рзы Ливиатәи амилаҭтә ар рхада амаршал Халиф Хафтар адҵа ҟаиҵеит ар Триполи "атеррористцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәырц".

Ливиатәи арратә мчқәа рҟынтәи ахыҵхырҭа адыррақәа рыла Хафтар ир еибашьрада Триполи араионқәа жәпакы рымпыҵархалахьеит. Ирымпыҵархалеит жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазагьы.

Урыстәыла Ливиатәи аимак аҽаланархәыр аҭахуп>>

Ливиатәи амилаҭтә ар ркомандаҟаҵаҩ Ахмед аль-Мисмари иажәақәа рыла, Хафтар ир ԥынгыла рымамкәа инеиуеит, аха аҳҭнықалақь ахаҭа макьаназы рнапаҿы иаарымгац.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0