Судан атәылахьчара аминистр атәыла анапхгара ихы иадиҵеит

© © REUTERS / StringerСуданские военные в Хартуме. 11 апреля 2019
Суданские военные в Хартуме. 11 апреля 2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Судан атәылахьчара аминистр Ауф ибн Авад аҳәамҭа ҟаиҵеит 2005 шықәсазтәи Аконституциа амчра аанкылоуп, аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп ҳәа.

АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Судан атәыла ахада актәи ихаҭыԥуаҩ, атәылахьчара аминистр Ауф ибн Авад аҭоубашьҭаҵара мҩаԥганы, атәыла анапхгара ихы иадиҵеит Судан арратә хеилак анапхгаҩык иҳасаб ала ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Судан арратә хеилак анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟалеит аштаб аиҳабы Кемаль Абдель Мааруф.

Урыстәыла ААР  - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла ААР атәылауаа ргәы рҽаннаҵеит Суданҟа ацара рҽацәырыхьчаларц

Уаанӡа Судан атәылахьчара аминистр Авад ибн Ауф аҳәамҭа ҟаиҵеит Судан ар реилатәараҿы аӡбра рыдыркылеит атәыла ахада Омар аль-Башир дамхны ԥхьатәара дрышьҭырц азы ҳәа.

Ҿыц иаԥҵоу арратә хеилак шықәсык аҩныҵҟа атәыла иреиҳау напхгаратә еиҿкаарахоит.

Уаанӡатәи атәылахьчара аминистр Абдуррахим Хусеин, атәыла ахада игвардиа алахәылацәа, аиҳабыратә партиа "Национальный конгресс" ахада Ахмад Харун, уи ихаҭыԥуаҩ аль-Башира Али Усман Тах ырбаандаҩуп. Судан жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аамҭала иаркуп.

Америкатәи асанкциақәа аналаргалеи 2011 шықәса рзы Аладатәи судан атәыла ианаҿыҵи рышьҭахь атәылаҿ аекономикатә кризис аҭыԥ ннакылеит. 2018 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны ажәлар рықәгыларақәа мҩаԥысуеит. Ажәлар ықәгылоит 30 шықәса раахыс атәыла ахадараҿы иҟоу Омар аль-Башир дықәҵразы.

Абри аамҭала аоппозициеи азинхьчаҩцәеи ишырҳәо ала 60-ҩык ауааԥсыра ҭахахьеит, зықьҩыла ауаа ырбаандаҩуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0