Ажәытә Мысра аҳәса рзы амиф аҿаԥҽуп

CC0 / / Мысратәи аскульптура
Мысратәи аскульптура - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла ажәытә мысратәи (египеттәи) акультура аҭоурых аҿы аҳәса быжь-занааҭк ракәын рнапы злакыз.

АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Канадатәи аҵарауаа иаҿаԥырҽит Ажәытә Мысра аҳәсақәа рзанааҭқәа ҳәа ишьақәырӷәӷәаны иҟаз атеориа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Science Alert адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Уаанӡатәи агәаанагарақәа рыла Ажәытә Мысра аҳәсақәа анцәарҭыԥҳацәа руахәамақәа рҿы иныхаԥааҩцәаны иҟалар алшон, иара убасгьы дара икәашаҩцәаны, ишәаҳәаҩцәаны, иҵәыуацәаны, исыҩцәаны, ихәыҷышьҭыхыҩцәаны иҟалар рылшон.

Аҵарауаа ишьақәдыргылеит мысратәи аҳәса иара убасгьы ашьаҵаӡахра, апапирус ахархәарала амаҭәарқәа рыӡахра ишаҿыз. Уаанӡатәи атеориала мысратәи аҳәса "ахацәа" рзанааҭгьы рнапы алакын.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0