Пхениан абџьар ҿыц аԥышәара мҩаԥнагеит

© Foto / ТАСС/POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКНДР ахада Ким Чен Ын
КНДР ахада Ким Чен Ын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, мшаԥы 17 рзы КНДР имҩаԥысит абџьар ҿыц аԥышәара.

АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. КНДР ахада Ким Чен Ын хаҭала ахылаԥшра аиҭон, напхаграгьы ҟаиҵон абџьар ҿыц аԥышәара ҳәа аанацҳауеит RT Аҩадатәи Кореиа аиелеграфтә маҵзура адыррақәа ҵаҵӷәыс иааганы.

Иарбан бџьару иԥышәаз макьаназ идырзом, аха иазгәаҭоуп еиуеиԥшым аҵәҟьарақәа ирзырханы ахысрақәа инарҭбааны имҩаԥган, абџьар ахаҭабзиаратә ҭагылазаашьагьы шьақәырӷәӷәоуп ҳәа.

Иара убасгьы иазгәаҭоуп Ким Чен Ын атәыла ашәарҭадареи ахьчареи рзы асеиԥш иҟоу абџьархкқәа аҵак рыманы ишыҟоу.

Аладатәи Кореиа аруаа ргәаанагарла КНДР акласс "адгьыл-адгьыл" иатәу аракета акәзар ҟалап иԥнашәаз. Абри атәы аанацҳауеит амаҵзура Ренхап.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0