Бибилов: Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла иадлароуп Ҟрым аиԥш

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟрыми Урыстәылеи реидылара ҭоурыхҵакыла ииашан, азакәаншьаҭа аман ҳәа иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов.

АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла иадлароуп Ҟрым аиԥш, уи амҩа ианысроуп ҳәа иҳәеит Иалта имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҿы Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов.

"Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар Ҟрым иеигәырӷьоит, еигәырӷьоит ахьышьҭрахь иахьыгьыжьыз. Аахыҵ Уаԥстәыла 1990-шықәса раахыс, Асовет Еидгыла анеилаҳа ашьҭахь иалшо зегь ҟанаҵоит Урыстәыла аилазаара иалаларц. Ибзианы еилаҳкаауеит ауаԥс жәлар еиҟәшаны ишыҟоу. Сгәы иаанагоит Ҟрым илнахыз амҩа ҳаргьы ҳанысраны ҳаҟоуп ҳәа", - абас Бибилов иажәақәа еиҭанаҳәоит Sputnik Южная Осетия.

Ҟрыми Урыстәылеи реидылара ҭоурыхҵакыла ииашан, азакәаншьаҭа аман, иарбанызаалак санкциак уи аԥсахра алшараны иҟам ҳәа иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов.

Иалта имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аекономикатә форум Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала иалахәхараны иҟоуп Аԥсны аекономика министр Адгәыр Арӡынбеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи. Афорум мҩаԥгахоит мшаԥы 18-20 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0