ФБР Гитлер Аргентинаҟа ибналаразы аинформациа ӡырнагеит

© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасра Адольф Гитлер
 Адольф Гитлер - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы иҟоу аофициалтә версиала Адольф Гитлер мшаԥы 30 1945 шықәса рзы иҽишьит.

АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Берлин асовет ар рнапахьы ианаарга ашьҭахь Адольф Гитлер Аргентинаҟа дыбналеит ҳәа версиак аҳасабала азхьаԥшра анаҭоит ФБР. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

© Foto / U.S. Department of JusticeФБР Гитлер Аргентинаҟа ибналаразы аинформациа ӡырнагеит
ФБР Гитлер Аргентинаҟа ибналаразы аинформациа ӡырнагеит - Sputnik Аҧсны
ФБР Гитлер Аргентинаҟа ибналаразы аинформациа ӡырнагеит

Асеиԥш агәаанагара цәырҵит идырзаз адокументқәа инарымаданы. Урҭ инарықәыршәаны Гитлер амшынаҵатәи аӷбала Аргентинаҟа днеиит. Уа Анды аладатәи акалҭ аҿы иара анхарҭаҭыԥ изалхын.

Арҭ адыррақәа усҟантәи аамҭазы ФБР адиректорс иҟаз Едгар Гувер изнеиит, аха абиуро анапхгара урҭ хаҭәаам ҳәа иазырыԥхьаӡеит.

Актәи ажәахә абри азы иҟаҵан цәыббра 21 1945 шықәса рзы. Иахьазы иҟоу аофициалтә версиала Адольф Гитлер мшаԥы 30 1945 шықәса рзы иҽишьит.

© Foto / U.S. Department of JusticeФБР Гитлер Аргентинаҟа ибналаразы аинформациа ӡырнагеит
ФБР Гитлер Аргентинаҟа ибналаразы аинформациа ӡырнагеит - Sputnik Аҧсны
ФБР Гитлер Аргентинаҟа ибналаразы аинформациа ӡырнагеит

 

Ажәабжьқәа зегьы
0