Шри-Ланка иҟалаз аԥжәарақәа ирхырҟьаны 40-ҩык рҟынӡа ауаа аанкылоуп

© AFP 2023 / Ishara S. KodikaraШри-Ланка
Шри-Ланка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҽышаҽны Шри-Ланка инеиқәырццак-еиқәырццакны аԥжәарақәа ааба аҭыԥ рыман. Аԥхьатәи аԥжәарақәа ҟалеит акатоликцәа руахәамақәа рҿы, егьырҭ ахԥа – асасааирҭақәа рҿы, егьырҭ аԥжәарақәа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы.

АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Шри-Ланка амчрақәа абри аамҭала иааныркылеит 40-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра, иҟалаз аԥжәарақәа ирыдҳәалоуп ҳәа ргәы иззаанаго. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ателеканал News 1st адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Шри-Ланка - Sputnik Аҧсны
Шри-Ланка аиҳабыра аҭыԥ змаз атеррактқәа Зеландиа Ҿыц иҟаз ахҭысқәа ирҭакуп рҳәеит

Иҭахаз рхыԥхьаӡара 310-ҩык рҟынӡа инаӡоит, 480-ҩык ахәрақәеи аахақәеи роуит.

Амҽышаҽны, Амшаԥ амш азы Шри-Ланка инеиқәырццак-еиқәырццакны аԥжәарақәа ааба аҭыԥ рыман. Аԥхьатәи аԥжәарақәа ҟалеит акатоликцәа руахәамақәа рҿы, егьырҭ ахԥа – асасааирҭақәа рҿы, егьырҭ аԥжәарақәа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы.

Аҭыԥантәи АИХ рдыррақәа рыла атерактқәа мҩаԥыргеит атеррорист-ҽшьыҩцәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0