Урыстәылатәи ажурналистцәа Зеленски иҳәеит Вышински иоужьраҿ ацхыраара иурц

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаседание суда по делу журналиста К. Вышинского
Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист Кирилл Вышински даанкыланы дыҟоуп 2018 шықәса лаҵарамза 15 раахыс, хараны идырҵоит Донбасс ареспублика адгылареи аҳәынҭқарра аԥсахреи.

АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik. Урыстәылатәи ажурналистцәа Украина ҿыц иалырхыз ахада Владимир Зеленски ашәҟәы изырҩит апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышенски иоужьраҿ ацхыраара иурц. Ашәҟәы кьыԥхьуп РИА Новости асаит аҿы.

"2018 шықәса лаҵара 15 раахыс Вышински Донбасс ареспублика адгылареи аҳәынҭқарра аԥсахреи ихараҵаны даанкылоуп. Иара ижурналисттә уалԥшьа неигӡон. Шәара ишәҳәон АИХ ахақәиҭра рыманы иҟазароуп ҳәа. Иахьа Кирилл иҭагылазаашьа ауаҩытәыҩсеи ажурналисти рзинқәеи азеиԥшевропатә нормақәеи реилагароуп. Аҳәара ҟаҳҵоит Вышински иус азхьаԥшра ашәҭарц, ихы иақәиҭтәразы ишәылшо зегь ҟашәҵарц", - ҳәа аҳәоит ашәҟәаҿы.

Ашәҟәы рнапы аҵарҩит 41-ҩык ажурналистцәа, МИА "Россия сегодня", RT Sputnik аредактор хада Маргарита Симониан, ВГТРК адиректор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Андреи Кондрашов, Урыстәыла ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Владимир Соловьев, ателеканал "Матч ТВ" апродиусер Тина Канделаки уҳәа абрахь иналаҵаны.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Захарова Вышински иус азы: Украина имҩаԥысуа азакәандара иасимволхеит

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам. Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0