Шереметьево аҳаирплан амцакраан дҭахеит 41 пассаџьыр

© Sputnik / РИА НовостиШереметьево
Шереметьево - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Шереметьево апассаџьыртә ҳаирплан амцакра мзызс иамоуп афымцахархәагақәа реиқәымшәара.

АҞӘА, лаҵара 6 – Sputnik. Шереметьево апассаџьыртә ҳаирплан Sukhoi Superjet 100 Москва - Мурманск амца акит лаҵара 5 рзы. Уи 28 минуҭ аҳауа ишалаз, иаалырҟьаны иахьынтәишьҭыԥрааз аҳаирбаӷәаза "Шереметьево" ахь ихынҳәыр акәхеит. Аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, ҩынтә атәарҭа иахыԥраауан. Ианышьҭатәоз аҳаирплан ашьапқәа ԥҵәеит, аусаругақәа амца рыцралеит.

​Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 78-ҩык апассаџьырцәа рахьтә 41 ҭахеит, 37-ҩык еиқәхеит. Абри атәы аанацҳауеит Вести.RU, Ашьаусҭҵааратә еилакы адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Иҟалаз авариа инамаданы ҩыџьа ма инареиҳаны ауааԥсыра рыԥсҭазаара ралҵра зыхҟьаз аҳаиртә транспорт ашәарҭадара аԥҟарақәа реилагаразы ашьаусҭҵаара хацыркуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0