Sukhoi Superjet иҭаз рҭагылазаашьа иалацәажәеит агәабзиарахьчара аминистрра

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҳаирбаӷәаза "Шереметьево"
Аҳаирбаӷәаза Шереметьево - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусҭҵааҩцәа ицәырыргоит Шереметьево иҟалаз арыцҳаразы акымкәа-ҩбамкәа амзызқәа. Иалацәажәоуп аԥырҩцәеи аҳаирплан атехникатә гәаҭара азҭоз адиспетчерцәеи рҟазара азымхара, аҳаирплан аиқәымшәара, аҳауатә ҭагылазаашьа абааԥсра.

АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Аҳаирплан Sukhoi Superjet 100 аҟынтәи аахақәа зауз апассаџьырцәа аҳҭнықалақь амедицинатә усҳәарҭақәа рахь инагоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Ахәышәтәырҭа иҭоу рҟынтәи ҩыџьа рҭагылазаашьа шәарҭоуп, урҭ "НИИ Вишневского" аҟны рыхәышәтәра мҩаԥысуеит, ԥшьҩык "НИИ Склифосовского" аҟны ишьҭоуп. Урҭ аԥшьҩык рҟынтәи хҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Аҽаӡәы Афедералтә медицина-биологиатә маҵзура ахәышәтәырҭахь днашьҭуп.

Шереметьево - Sputnik Аҧсны
Шереметьево аҳаирплан амцакраан дҭахеит 41 пассаџьыр

Уаанӡа, Урыстәыла ашьаусҭҵааратә Еилакы ахантәаҩы адырра ҟаиҵахьан Шереметьево иҟалаз арыцҳаразы амзызқәа иакымкәа-иҩбамкәа ицәыргоуп ҳәа. Иалацәажәоуп аԥырҩцәеи аҳаирплан атехникатә гәаҭара азҭоз адиспетчерцәеи рҟазара азымхара, аҳаирплан аиқәымшәара, аҳауатә ҭагылазаашьа абааԥсра.

Амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы "черный ящик" ҳәа изышьҭоу аҭаҩратә хархәагақәа ҩба рыԥшааит.

Уажәы урҭ азанааҭуаа ҷыдацәа аус рыдырулоит.

Шереметьево апассаџьыртә ҳаирплан Sukhoi Superjet 100 Москва - Мурманск амца акит лаҵара 5 рзы. Уи 28 минуҭ аҳауа ишалаз, иаалырҟьаны иахьынтәишьҭыԥрааз аҳаирбаӷәаза "Шереметьево" ахь ихынҳәыр акәхеит. Аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, ҩынтә атәарҭа иахыԥраауан. Иантәоз аҳаирплан ашьапқәа ԥҵәеит, аусаругақәа амца рыцралеит.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 78-ҩык апассаџьырцәа рахьтә 41 ҭахеит, 37-ҩык еиқәхеит.

Иҟалаз авариа инамаданы ҩыџьа ма инареиҳаны ауааԥсыра рыԥсҭазаара ралҵра зыхҟьаз аҳаиртә транспорт ашәарҭадара аԥҟарақәа реилагаразы ашьаусҭҵаара хацыркуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0