Иапониа автомашьына ахәыҷбаҳча ааӡаҩцәа ирылалеит: иҟоуп аԥсыҭбарақәа

© REUTERS / KYODOФото с места происшествия в Японии, 8 мая 2019
Фото с места происшествия в Японии, 8 мая 2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахҭыс ҟалеит ахәыҷқәа адәахьы анеиааирахь иандәылырга аамҭазы.

АҞӘА, лаҵара 8– Sputnik. Иапониатәи ақалақь Оцу аҿы автомашьына ахәыҷбаҳча ааӡамҭацәа ирылалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Киодо адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Ҩыџьа ахәыҷқәа, ҩба-ҩба шықәса зхыҵуаз аҷкәыни аӡӷаби ҭахеит, 15-ҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп. Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык рыхдырра рымам.

Иҟоу аинформациала автомашьына ахәыҷқәа ирылалаанӡа аҽа машьынақәак ирысит. Иҟалаз зыхҟьаз амзыз ашьақәыргылара иаҿуп.

Аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рыҩныҵҟа ари ахҭыс аҩбатәиуп. Уаанӡа, мшаԥы 19 рзы 87-шықәса зхыҵуаз ахаҵа Токио ауаа ахьеилагылаз дрылалеит, усйан иҭахеит ани аԥҳаи.

Ажәабжьқәа зегьы
0