Урыстәылатәи ажурналист Сергеи Доренко 59 шықәса шихыҵуаз иԥсҭазаара далҵит. Анышә дамардоит Троекуртәи аԥсыжырҭаҿы.
Ачемпионцәа рлига афинал аҿы еиԥылараны иҟоуп "Тоттенхеми" "Ливерпульи", Европа Алига афинал аҿы - "Арсенали" "Челсии".
ЕАА, Китаинтәи атәыла иаларгало атауар абаџь 10% рҟынтәи 25 % рҟынӡа иханагалеит.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Доренко амотоцикл дақәтәаны амҩа данын, ихы бааԥсны ибо даналага. Абри иахҟьаноуп иара амҩатә машәыр дзақәшәаз.