Иԥсҭазаара далҵит ажурналист Сергеи Доренко

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСергеи Доренко
Сергеи Доренко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Доренко амотоцикл дақәтәаны амҩа данын, ихы бааԥсны ибо даналага. Абри иахҟьаноуп иара амҩатә машәыр дзақәшәаз.

АҞӘА, лаҵара 9 - Sputnik. Урыстәылатәи ажурналист Сергеи Доренко Москва дзықәшәаз амҩатә машәыр ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал РЕН ТВ адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

РИА Новости ахаҭарнак изеиҭарҳәеит Доренко иԥсра зыхҟьаз авариа акәӡам ҳәа.

"Сергеи Доренко иԥсҭазаара далҵит Москва. Амҩатә машәыр шыҟалазгьы, авариа акәӡам иҭахара зыхҟьаз. Уи игәамбзиара иалҵшәахеит", - рҳәоит адырраҭараҿы.

Уаанӡа АИХ рдыррақәа рыла Доренко мотоциклла дышцоз, иаалырҟьаны дкаҳаит. Авариа зыхҟьазгьы игәабзиара аҭагылазаашьоуп ҳәа рҳәоит ажурналистцәа.

Сергеи Доренко – арадиостанциа "Говорит Москва" аредактор хадас дыҟан. Диит 1959 шықәса рзы Керчь. 1982 шықәсазы РУДН далгеит. Ателеканалақәа ВГТРК, РТР, НТВ рҟны аус иуан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0