Ҭырқәтәыла С-400 адкылара иазыхиоуп

© Sputnik / Дмитрий Виноградов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗРК С-400
ЗРК С-400 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Ҭырқәтәыла аҳәамҭа ҟанаҵахьан ПВО асистемақәа актәи рпартиа ԥхынгәымзазы атәылахь ишынашьҭхо азы.

АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлиут Чавушоглу аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла С-400 адкылара иазыхиоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Урыстәыла иаҳзаанашьҭразы ианыхиахалак ҳаргьы урҭ рыдкылара ҳазыхиахоит", - иҳәеит иара.

Аамҭак аԥхьа Ҭырқәтәылахь ааԥхьара ҟаҵо ЕАА арезолиуциа аднакылеит ЗРК С-400 аахәара мап ацәнакырц. Ареспубликанеццәа рлидер Кевин Маккарти иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла С-400 аанахәар, ЕАА амилаҭтә шәарҭадара акыр иҵшәаауеит.

Песков: Москва С-400 азы Ҭырқәтәыла апозициа иадгылоит>>

Ҭырқәтәыла акәзар, аханатәгьы С-400 аахәара мап ацәнакуам, ари асистема актәи апартиа ԥхынгәымзазы иаиуеит ҳәа иԥшуп.

ЕАА акәзар С-400 НАТО астандартқәа ирықәшәом ҳәа ирыԥхьаӡоит. Уи аҭакс Ҭырқәтәыла С-400 шәарҭарак аҵан иҟам ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0