Захарченко ишьра еиҿызкаази иназыгӡази рхаҭарақәа шьақәыргылоуп

© Sputnik / Alexey Kudenko / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАлександр Захарченко
Александр Захарченко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецктәи жәлар рреспублика ахада Александр Захарченко дҭахеит Донецк ақалақь, нанҳәа 31, 2018 шықәса рзы.

АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Ашьаусҭҵааҩцәа ишьақәдыргылеит Александр Захарченко ишьра еиҿызкаази иназыгӡази рхаҭарақәа ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит ДЖәР ахада Денис Пушилин.

"Ашьаусҭҵааҩцәа ишьақәдыргылеит Александр Захарченко ишьра еиҿызкаази, иназыгӡази, ишьра иадҳәалази рхаҭарақәа. Иара убасгьы ишьақәыргылоуп аоперациа асхема – ишазырхиаз, ишынагӡаз. Иара убасгьы анагӡаҩцәа аинструкциақәа шрыҭаз", - иҳәоит Пушилин.

Пушилин иажәақәа рыла, Захарченко ишьра иалаҟьашьуп Украина ачын дуқәа змоу ахаҿқәа.

Прощание с главой ДНР Александром Захарченко - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аделегациа Александр Захарченко дахьҭахаз аҭыԥ ахь инеиит

Иахьатәи аамҭазы ашьра иалаҟьашьу агәыԥқәа руак алахәылацәа аанкылоуп.

"Агәыԥқәа руак аанкылоуп. Абри инацҵаны макьаназы акгьы сызҳәом", - иҳәеит иара, иагьациҵеит аусҭҵаара анхыркәшахалак, иаанкылоу рыжәлақәа шырзахо.

Александр Захарченкои ихьчаҩи ҭахеит нанҳәа 31 ауха, аресторан "Сепар" аҿы иҟалаз аԥжәара иахҟьаны. Ахәышәтәырҭахь днагоуп Ааимҭақәеи ашәахтәқәеи рминистр Александр Тимофеев.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Александр Захарченко ишьра терактуп ҳәа ахнаҳәааит, ацхыраара аҭахны иҟалар, адгылара хымԥада ишыҟарҵо рҳәеит.

Захарченко ишьра аганахь ала ашьаус хацыркуп>>

Донецктәи жәлар рреспублика Ахада Александр Захарченко иҭархара азԥхьагәаҭан иагьымҩаԥган Украина амаҵзура ҷыдақәа рнапала иҳәеит ДЖәР Ахада иабжьагаҩ Александр Казако.

Урыстәыла Ахада Владимир Путин адышшылара ҟаҵо иҳәеит "Донбасс дапатриот дун, дхаҵа ӷьеҩын" ҳәа, иагьазгәеиҭеит уи ишьра ҟазҵаз ари аимак ҭынчмҩала аӡбара шырҭахум шышьақәдырӷәӷәаз.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0