Сергеи Лавров диԥылеит иапониатәи иколлега Таро Коно

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча глав МИД РФ и Сербии С. Лаврова и И. Дачича
Встреча глав МИД РФ и Сербии С. Лаврова и И. Дачича - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров диԥылеит иапониатәи иколлега Таро Коно

АҞӘА, лаҵара 31— Sputnik. Урыстәыла ихымԥадатәны иашьоит Иапониеи иареи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра аҟазаара ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров лаҵара 31 рзы иапониатәи иколлега Таро Коно даниԥылоз.

Иара убри аан аганқәа рыҩбагьы иршьоит абри атемала ауаажәларра макьаназ рырцыхцыхра заацәоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Архивное фото Токио - Sputnik Аҧсны
Иапониа атәылауаа Урыстәылеи дареи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра иадгылам

Лавров Токио имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа хра рыманы ишьеит, иазгәеиҭеит аминистрцәа рҩыџьагьы Владимир Путини Синдзо Абеии ирарҳәаша шрымоу. Урыстәыла ахадеи Иапониа аԥыза-министри еиԥылараны иазыԥхьагәаҭоуп Осака, рашәарамза анҵәамҭазы.

Иапониа-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа аҿиара шроуз азгәеиҭеит Таро Коногьы.

"Атәылақәа рыбжьара уаҩы иаагәеиҭартә аиҭакрақәа ҟалеит. Лаҵара 13 рзы 9-шықәсатәи аҭынчра ашьҭахь аусура хацнаркит агубернаторцәа рхеилак, Урыстәыла иаҭаати ааҩык агубернаторцәа. Лаҵара 15 рзы Иапониа даҭаати Афедерациа ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Андреи Турчак", - иҳәеит Коно.

Иапониа адгьылбжьахақәа Кунашир, Шикотан, Итуруп, Хабомаи иара иатәны иаԥхьаӡоит. Иапониа урҭ рырхынҳәра ихадоу акәны иаԥхьаӡоит Урыстәылеи иареи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраан.

1956 шықәса рзы Асовет Еидгылеи Иапониеи рнапы аҵарҩит Аицдекларациа. Уаҟа Москва ақәшаҳаҭхеит адгьылбжьахақәа Хабомаии Шикотани Иапониа аҭара азҵаара ахәаԥшра. Иара убри аан Кунашири Итурупи рыӡбахә иалацәажәамызт. СССР агәаанагарала, абри адокумент аимак еилнаргар акәын. Иапониа акәзар, адокумент апроблема аӡбра иахәҭакны иахәаԥшуан.

Уаанӡа Владимир Путин ажәадгала ҟаиҵахьан иҷыдоу аҭагылазаашьақәа ирыхьмырԥшыкәа Токиои Москвеи аҭынчраз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0