Малаизиа аԥыза-министр Boeing-777 аҭахара аҭҵаара аполитикатә шьаҭа амоуп ҳәа иԥхьаӡоит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДоклад Совета безопасности Нидерландов по причинам крушения Boeing 777
Доклад Совета безопасности Нидерландов по причинам крушения Boeing 777 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецктәи аобласт аҿы аилахәыра Malaysia Airlines иатәу апассаџьыртә ҳаирплан Boeing-777 ԥхынгәы 17 2014 шықәса рзы иҭархан. Аҳаирплан Амстердамнтәи Куала-Лумпурахь иԥыруан. Иҭахеит 298-ҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, лаҵара 31 — Sputnik. Малаизиатәи аҳаирплан Боинг MH17 Украина 2014 шықәса рзы аҭархара аҭҵаарақәа аполитикатә ҵаҵӷәы рыҭоуп ҳәаа ҳәамҭа ҟаиҵеит аԥыза-министр Махатхир Мохамад.

"Урыстәыла ахара ахарарҵоит, аха уи шьақәзырӷәӷәои? Ҳара иаадыруеит аҳаирплан иақәшәаз аракета ш-урыстәылатә бџьару, аха уи Украина иҭрыжьыргьы ауан" ҳәа Мохамада иажәақәа аанагоит агазеҭ Malay Mail.

Аҳаирплан карыжьыр рылшон иарбанызаалак аган. Иара иажәақәа рыла Малаизиа ахатәҩрақәа рыҭҵаара иалахәызароуп, аха еилкаам аҭагылазаашьақәа рыла уи мап ацәыркуеит.

"Ҳара иҳаздырам аҭҵаарақәа ҳазрылахәым. Аханатә аполитика аҭыԥ шамоу аабоит", - иҳәеит иара.

Донецктәи аобласт аҿы аилахәыра Malaysia Airlines иатәу апассаџьыртә ҳаирплан Boeing-777 ԥхынгәы 17 2014 шықәса рзы иҭархан. Аҳаирплан Амстердамнтәи Куала-Лумпурахь иԥыруан. Иҭахеит 298-ҩык ауааԥсыра.

Boeing 777 казыжьыз аополченеццәа роуп ҳәа иқәгылеит Киев. Дара уи аҭакс ирҳәеит асеиԥш иҟоу ахархәагақәа шрымам.

Ажәабжьқәа зегьы
0