Боб Дилан изку акиносахьа асоциалтә ҳақәа рахь ицәыргоуп

© AP Photo LM Otero, FileПроданная с молотка гитара Боба Дилана
Проданная с молотка гитара Боба Дилана - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ари акинофильм аҩбатәи фильмуп Мартин Скорсезе еицырдыруа америкатәи апоет, амузыкант изкны иҭижьхьо. Актәи акиносахьа "Нет пути домой" аекранқәа рахь ицәырҵит 2005 шықәса рзы.

АҞӘА, рашәара 4 — Sputnik. YouTube аҿы Netflix аофициалтә каналаҟны икьыԥхьуп Мартин Скорсезе амузыкант Боб Дилана изку адокументалтә фильм атреилер ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аексклюзив интервиу, иуникалу архивтә кадрқәа, уаанӡа ицәыргамыз аматериалқәа, Rolling Thunder Revue алахәылацәа Боб Дилана ипродиусер Джефф Розен ирымихыз аинтервиуқәа – абарҭ зегь алалоит Мартин Скорсезе ифильм "Rolling Thunder Revue: A Bob Dylan Story By Martin Scorsese", - ҳәа аанацҳауеит ажурнал Variety.

Rolling Thunder Revue аконцерттә тур мҩаԥысуан 1975 -1976 шықәсқәа рзы. Иара иалахәын усҟантәи аамаҭзы еицырдыруаз ашәаҳәаҩцәа, амузыкантцәа.

"Rolling Thunder Revue: A Bob Dylan Story By Martin Scorsese" аԥхьарбара мҩаԥгахоит рашәара 12 рзы, Netflix аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0