Помпео: сгәыӷуеит Урыстәыла аенергонагара апрограмма иалыргап ҳәа

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасра Майк Помпео
 Майк Помпео - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Германиа аканцлер Ангела Меркель уаанӡа аҳәамҭа ҟалҵахьан Еврокомиссиа Евроеидгыла агазтә директива ҿыц шаднакылазгьы агазмҩангага "Северный поток-2" азаанкылом ҳәа.

АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Маик Помпео дгәыӷуеит Евроеидгыла аенергианагаратә программа Урыстәыла аламырхәыкәа еиҿнакаап ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

 Маик Помпео - Sputnik Аҧсны
Помпео: Вашингтон азыхиоуп Тегеран аҿцәажәара

Ателееилахәыра RTL нидерландиатәи аҟәша аинтервиу аҭо Помпео иҳәеит:

"Америка ҳақәгәыӷуеит Европа ишәарҭадоу аенергетикатә база ашьақәыргылара аҭаххап ҳәа. Урыстәыла иадҳәаламкәа. Ҳара иаадыруеит Европеи Урыстәылеи реизыҟазаашьа, иаадыруеит аимакқәа аҭыԥ анрымоу аурысқәа рых иадырхәар зылшо зегьы шадырхәо, аинтересқәа шахьчо. Ҳгәыӷуеит Европа ииашаны ахы мҩаԥнагап ҳәа", - иҳәеит Помпео.

Нидерландиатәи аилахәырақәа рганахь ала асанкциақәа алагалахома ҳәа азҵаара аҭакс Помпео иҳәеит заанаҵы акы аҳәара иашам ҳәа. Иара убас дрыхцәажәеит голландиатәи аилахәырақәагьы.

ЕАА ирылшо зегь ҟарҵоит апроект аанкыларазы, иара алахәылацәа зегьы асанкциақәа шәзаауеит ҳәа ирықәмақаруеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0