Deutsche Bank ҩажәа тонна Венесуелатәи ахьы ампыҵанахалеит

© AP Photo Mike GrollАхьҟәыршәа
Ахьҟәыршәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Англиа Венесуела ахада Николас Мадуро мап ицәнакхьан 1,2 миллиард доллар хьыла иҭара.

АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Амаҵзура Bloomberg адыррала, Deutsche Bank 20 тонна Венесуела иатәу ахьы архынҳәра мап ацәнакит 2016 шықәса рзы иаиуз акредит ахьазымшәаз азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Амаҵзура ишаҳәо ала, Deutsche Bank аума Венесуела Абанк хада апресс-маҵзуроума, аҭагылазаашьа ахҳәаа арҭом.

Амаҵзура адыррақәа рыла, 2016 шықәса рзы Венесуела 20 тонна ахьы ахәдықәҵарала абанк аҟынтәи 750 миллион доллар акредит агеит. Акредит аҿҳәара 2021 шықәса рзы иаркхар акәын, аха уаанӡатәи афинанстә еиқәшаҳаҭрақәа ахьазынамыгӡаз иахырҟьаны, абанк уи аусура аҿҳәара заанаҵы ианнакылеит.

Венесуела аекономикатә кризис аҭыԥ амоижьҭеи акрааҵуеит. Уи анырра арҭоит аекономикатәи афинанстәи санкциақәа.

2019-2020 шықәсқәа рзы 10 миллион процент аинфлиациа ҟалоит ҳәа азыԥхьагәаҭара ыҟоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0