Мысра ааҩык аполициауаа ҭахеит атеррористцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ ианажәлаз

© AFP 2023 / KHALED DESOUKIМысра аполициа
Мысра аполициа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ателеканал Sky News Arabia адыррақәа рыла, атеррористцәа аполициаа роушьҭырҭатә ҭыԥ иажәланы иеихсит.

АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Мысра (Египет) азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ааҩык ҭахеит атеррористцәа Синаитәи адгьылбжьаха аҩадатәи ахәҭа, Мысра ақалақь ель-Ариш аполициаа ианрыжәла ашьҭахь. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, египеттәи ателехәаԥшра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Уаанӡа ателеканал Sky News Arabia адырра ҟанаҵахьан аполициаа рблок-пост иажәлеит ҳәа.

Иҟоу адыррақәа рыла, ажәылара мҩаԥыргеит агәыԥ "Вилаят Сина" алахәылацәа. Атеррористтә гәыԥ "Исламское государство"* иаҟәшоуп.

Аҭыԥантәи АИХ рдыррақәа рыла, аполициаа атеррористцәа ирышьҭоуп.

*Урыстәыла ззин ыҟам атеррористтә еиҿкаара

 

Ажәабжьқәа зегьы
0