Си Цзиньпин урыстәыла-китаитәи аизыҟазаашьақәа рзы: ҳаԥхьаҟа қәҿиароуп иаҳзыԥшу

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВладимир Путини Си Цзиньпини реиԥылараан
Владимир Путини Си Цзиньпини реиԥылараан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Путин Кремль дидикылеит Китаи ахада Си Цзиньпин.

АҞӘА, рашәара 6 - Sputnik. КЖәР ахантәаҩы Си Цзиньпин Урыстәылеи Китаии реизыҟазаашьа аԥеиԥш амоуп иҳәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Шьаҿа-шьаҿала ҳара иҳалҳаршеит ҳаизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара. Исҳәар ахәҭоуп шәаргьы саргьы ҳажәларқәа рҿаԥхьа ҳус бзианы инаҳагӡеит ҳәа", - иҳәеит Си Цзиньпин.

Китаи ахада иазгәеиҭеит аҳәынҭқаррақәа рыҩбагьы рыжәларқәа Владимир Путини иареи ишрықәгәыӷуа.

Президент РФ В. Путин посетил инвестиционный форум ВТБ Капитал Россия зовёт! - Sputnik Аҧсны
Америкеи Китаи рыбжьара ахәаахәҭратә еиҿагылара Урыстәылаз ифеидахар алшоит

"Ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиара ҳәаа амам. Еиҳа-еиҳа еӷьымхозар, еицәахашам. Сара агәра згоит иахьа абрахь саарагьы алҵшәа бзиақәа шаиуа", - иҳәеит КЖәР ахантәаҩы.

Владимир Путин иакәзаргьы, иазгәеиҭеит аиԥылара аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьа аҟазшьа ҷыда шанаҭо.

"Агәра згоит иахьа абрахь шәаара ҳҳәынҭқаррақәа рзы илҵшәа бзианы ишыҟало азы", - иҳәеит Урыстәыла ахада.

Путин азхьаԥшра аиҭеит ҩ-ганктәи атауареикәыршара. 2018 шықәса рзы атауареикәыршара 100 миллиард доллар рҟынтәи 108 миллиард доллар рҟынӡа ишьҭыҵит.

2019 шықәса актәи аԥшьбарак азгьы арбагақәа ирыцымлозар, ирыгхом.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0