Археологцәа Австриа ажәытәӡатәи ачарҳәқәа рԥыхьашәеит

© Foto / Heiss et al, 2019Археологцәа Австриа ажәытәӡатәи ачарҳәқәа рԥыхьашәеит
Археологцәа Австриа ажәытәӡатәи ачарҳәқәа рԥыхьашәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Археологцәа раартра ҿыц иалнаршоит ажәытәтәи европаа рыфара-чара зеиԥшраз еиҳа инарҵауланы аҭҵаара.

АҞӘА, рашәара 7 — Sputnik. Австриа иахьаҵанакуа иҟоу ахырӷәӷәарҭақәа руак аҿы археологцәа ирымԥыхьашәеит амажәа иалхыз ачарҳәқәа.

Ажурнал PLoS One иану адыррақәа аанагоит РИА Новости, урҭ инрықәыршәаны аԥшаах зхаҭабзиара ҳараку ачарыц иалхын, ҳера ҟалаанӡа аҩбатәи азқьышықәса анҵәамҭа иатәуп ҳәа ишьақәыргылоуп.

"Ажәытәан ача мацара адагьы ирӡуан еиуеиԥшым ачарыцлыхқәагьы. Иҳаԥшааз артефактқәа италиатәи ачарҳәқәа-тараллини даара иреиԥшуп", - еиҭеиҳәоит Австриа Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Археологиа аинститут аусзуҩ Андреас Хаисс.

Асеиԥш иҟоу аԥшаарақәа даҽа блақәак рыла ажәытә аамҭақәа рзы инхоз европаа урыхәаԥшыртә иҟарҵоит.

Аԥшаах ахаҭабзиара ҳараки аформеи ирҳәоит урҭ иаагоу араион иаҵанакуаз ауааԥсыра ркультуратә ма рдинтә ԥсҭазаараҿы ароль ду шааныркылоз.

Ачеи егьырҭ ачарыцлыхқәеи ҳаамҭазтәи адинқәа рҿгьы аҭыԥ ду ааныркылоит. Иҟалоит ари атрадициа ахы ыҵнахызар адгьылқәаарыхра ацәырҵра аамҭақәа рзы ҳәа рҳәоит аҵарауаа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0