Симониан ахәышәтәырҭа дҭашәеит, "Эхо Москвы" аҿы дзықәшәаз ахҭыс ашьҭахь

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМаргарита Симониан
Маргарита Симониан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Маргарита Симониан "Эхо Москвы" дзықәшәаз ахҭыс атәы лҩит лхатәы Telegram-канал аҟны.

АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. RT, МИА "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан ахәышәтәырҭа дҭашәеит "Эхо Москвы" аҟны Москватәи ақалақьтә думахь акандидат Лиубовь Соболи лареи рыбжьара иҟалаз ахҭыс ашьҭахь. Абри атәы аанацҳауеит RT.

Уаанӡа Симониан Telegram аҿы илҩит арадиостанциа аефир ахь даннеиз аҩналарҭаҟны Соболь дылзыԥшны дышгылаз, уи акамера аҿакны Москва амер Сергеи Собианин изку азҵаарақәа лықәлыԥсо дшалагаз.

"Арадио аусзуҩцәа изларҳәо ала, лара сааҭыбжак инацны дысзыԥшын. Анаҩс, дыҩуа дсышьҭан, уадак аҟны сырҵәахаанӡа. Ибзиам абас зцәа зтәым арышьҭашәарыцара, рыргәаҟра. Аҳақ ҳәагьы ак ыҟоуп", - лыҩуеит RT, МИА "Россия сегодня" рредактор хада.

Соболь Twitter аҿы ианылҵеит Симониан ахҳәаа азыҟалҵарц Собианин имаҵзуҩцәа ауадақәа шырзишо атәы. Симониан уи мап ацәылкит, аиҿцәажәаразы заанаҵ апресс-маҵзура ишацәажәатәыз азгәаҭаны. Анаҩс Соболь Симониан длышьҭалеит, азҵаарақәа лыҭара даҟәымҵкәа. RT аредактор хада арадиостанциа аусзуҩцәа дрыҳәеит уадак аҟны дырҵәахырц, лгәахы еибафар ахьыҟамло азы.

Абри ашьҭахь RT а-Telegram-канал аҿы иаарыцҳаит абри ахҭыс ашьҭахь Маргарита Симониан ахәышәтәырҭа дышҭашәаз.

Ԥыҭрак ашьҭахь "Эхо Москвы" аредактор хада Алексеи Венедиктов аҭамзаара шьҭеиҵеит МИА "Россия сегодня", ателеканал RT рредактор хада Маргарита Симониан лҿаԥхьа ахәышәтәырҭа дзызхаҭашәаз аоппозиционер Алексеи Навальныи идгылоу Лиубовь Соболи лареи рыбжьара арадиостанциаҟны иҟалаз ахҭыс азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0