Захарова: Соболь — агыгшәыг

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМариа Захарова
Мариа Захарова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
RT, МИА "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан ахәышәтәырҭа дҭашәеит рашәара 6 рзы "Эхо Москвы" аҟны Москватәи ақалақьтә думахь акандидат Лиубовь Соболи лареи рыбжьара иҟалаз ахҭыс ашьҭахь.

АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова ахҳәаа азыҟалҵеит ателеканал RT рредактор хада Маргарита Симониан ахәышәтәырҭа дзызхаҭашәаз аоппозиционер Алексеи Навальныи идгылоу Лиубовь Соболи лареи рыбжьара арадиостанциаҟны иҟалаз ахҭыс.

"Соболь — агыгшәыг. Ус акәымзаргьы сашәҳәа", — анылҵеит Захарова Facebook аҟны.

Убри аан арҭ ажәақәа хықәкыла Лиубовь Соболь ишлызку шьақәырӷәӷәам.

Уаанӡа Симониан Telegram аҿы илҩит арадиостанциа аефир ахь даннеиз аҩналарҭаҟны Соболь дылзыԥшны дышгылаз, уи акамера аҿакны Москва амер Сергеи Собианин изку азҵаарақәа лықәлыԥсо дшалагаз. Ԥыҭрак ашьҭахь RT адырра ҟанаҵеит Симониан ахәышәтәырҭа дышҭашәаз. "Эхо Москвы" аредактор хада Алексеи Венедиктов иҟалаз азы аҭамзаара шьҭеиҵеит ажурналист лҿаԥхьа, илзеиӷьеишьеит иаарласны лгәабзиара шьақәгыларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0