ЕАА апроект "Северный поток-2" асанкциақәа азыҟанаҵарц аҭахуп

© Foto / Nord Stream 2 / Axel Schmidt"Северный поток — 2"
Северный поток — 2 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАА рхада Дональд Трамп Вашингтон официалтә визитла иҟоу Польша ахада Анджеи Дудеи иареи реиԥылара аихшьаалатә пресс-конференциаҟны иакымкәа-иҩбамкәа аҳәамҭақәа ҟаиҵеит.

АҞӘА, рашәара 13 — Sputnik. Дональд Трамп аҽазныкгьы Европатәи атәылақәа рхадацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит урыстәылатәи агаз мап ацәыркырц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Германиа "Северный поток-2" аганахь ала апозициа иалацәажәеит>>

ЕАА рхада иажәақәа рыла, дара уажәы апроект аганахьала аԥкрақәа рымҩаԥгара азҵаара иалацәажәоит. Убри аан Трамп инаҵшьны иазгәеиҭеит "дарбанзаалак ииҭаху ҟаиҵар шилшо".

"Вашингтон Германиа Урыстәыла иацәнахьчоит, апроект "Северный поток-2" аргылара аблокада азуа. Москва амиллиардқәа аиуеит Берлин аҟынтәи. Ҳара иҳамоуп аҭагылазаашьа еиӷьызтәыша – СПГ", - иҳәеит Трамп.

Германиа, Трамп иажәақәа рыла, агаз Урыстәылаҟны иахьахәҳауа азы уи иахьыԥшуа аҽыҟанаҵоит.

Германиа Аканцлер Ангела Меркель - Sputnik Аҧсны
Меркель: "Северный поток-2" Еврокомиссиа иазаанкылом

"Иҟало аабап. ЕАА Урыстәыла, Китаи, Германиа, егьырҭ атәылақәа зегьы ирымабзиазар аҭахуп", - иҳәеит Трамп.

Дональд Трамп иазгәеиҭеит ЕАА адгылара шарҭо Польшантәи Даниаҟа имҩасуа агазмҩангага Baltic Pipeline аргылара.

"Ҳара адгылара аҳҭоит Польшантәи Даниаҟа имҩасуа агазмҩангага Baltic Pipeline аргылара", - иҳәеит Трамп.

Апроект "Северный поток-2" иазԥхьагәанаҭоит 55 миллиард кубометр агаз Урыстәылантәи Балтиатәи амшын аҵала Европаҟа ииазго агазмҩангагақәа ҩба рышьҭаҵара.

Агазмҩангага ашьҭаҵара хыркәшахоит 2019 шықәса анҵәамҭазы. Уи ашьҭаҵаразы азин ҟарҵахьеит Германиа, Финлиандиа, Швециа.

Курц, Трампи иареи реиԥылара ашьҭахь "Северный поток – 2" адгылара шеиҭо иҳәеит>>

Иара иаҿагылоит Америкеи Украинеи. Апроект аполитикатә ҟазшьа амоуп ҳәа иахцәажәоит Латвиа, Польша, Литва.

Москва изныкымкәа иазгәанаҭахьеит агазмҩангага анырра ҟазҵо хархәаганы ишшьатәым. Германиа аиҳабыра ракәзаргьы, "Северный поток - 2" економикатә проектны иахәаԥшуеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0