Москвеи Ниу-Делии еилаӡеит 5,43 миллиард доллар рыхә иартәо С-400 аахәаразы. Аилаӡара мҩаԥысит 2018 шықәса абҵарамзазы.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр, астатс-маӡаныҟәгаҩ Григори Карасин иҳәеит апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иаарласны ихы дақәиҭхар алшоит ҳәа дышгәыӷуа.
Арегламент азы ПАСЕ аилак уаанӡа арегламент инақәыршәаны аӡбра аднакылахьан урыстәылатәи аделегациа рашәарамзатәи асессиа иалахәхарц азы азинмчра амазаарц.
Ҟрымтәи ацҳала адәыӷбақәа рымҩасра хацыркхоит ишазыԥхьагәаҭаз еиԥш, 2019 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы.
Уаанӡа Анкара иазгәарҭахьан атәыла аиҳабыра C-400 аахәара мап ацәктәны ишырымбо.
Ашьапылампыл аҟны аспорттә ҭҵаарақәа Жәларбжьаратәи рцентр (CIES Football Observatory) иакьыԥхьит реиҳа зхыршәаауа ашьапылампыласыҩцәа рсиа.