Аҳаирпланшәарыцақәа Миг-35 урыстәылатәи ар ахархәаразы ироуит

Анапаҵаҩра
Хықәкырацәатәи, аҵыхәтәанӡатәи аҭыжьымҭақәа иреиуоу аҳаирпланшәарыцақәа Урыстәыла арра-космостә мчқәа ахархәаразы ироуит.

АҞӘА, рашәара 17 – Sputnik. Хықәкырацәатәи, аҵыхәтәантәи аҭыжьымҭақәа иреиуоу аҳаирпланшәарыцақәа (аистребительқәа - аред.) МиГ-35 ҩба Урыстәыла арра-космостә мчқәа ахархәаразы ироуит.

РИА Новости аинтервиу аҭо, урыстәылатәи аҳаирпланргыларатә корпорациа "МиГ" адиректор хада Илиа Тарасенко иҳәеит ашықәс нҵәаанӡа даҽа ԥшь-истребительк роураны ишыҟоу.

"Аҵыхәтәантәи ахышықәса рыла ҳара апрограмма МиГ-35 аҿы акыр ԥхьаҟа ҳцеит. Аамҭа кьаҿла аҳаирплан аҭыжьра хацыркны, иҭыжьны, аԥышәара иахыжьны, Атәылахьчара аминистрреи ҳареи аилаӡара ҳабжьаҳҵеит", - иҳәеит иара.

МиГ-35 — аҵыхәтәанӡа иҭыжьу, 4++ абиԥара иатәу истребительуп. Иара ажәылара мҩаԥнагоит "аӷа" идгьылтәии иӡытәии хықәкқәа рышьаҟьаразы.

Аԥырратә ԥышәара мҩаԥган ажьырныҳәа 26, 2017 шықәса рзы. Адырҩаҽны Москва амҵан жәларбжьаратәи аӡыргара мҩаԥган.

Ажәабжьқәа зегьы
0