Вышински идырҵо ахара дақәшаҳаҭым

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКирилл Вышински
Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Херсонтәи ақалақьтә ӡбарҭа лаҵара 17 2018 шықәса рзы Вышински дааннакылеит. Уиижьҭеи иара иус аӡбра иаҿуп.

АҞӘА, рашәара 19 – Sputnik. Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински дақәшаҳаҭым идырҵо ахарадҵа ҳәа иҳәеит идукат Андреи Домански, РИА Новости аинтервиу аҭо.

"Ахыркәшаратә еилатәараан Кирилл идырҵаз ахарадҵа дақәшаҳаҭымхеит. Ари ихшыҩдоу харадҵоуп ҳәа иҳәеит иара. Кирилл аҳәара ҟаиҵеит ахарадҵатә шәҟәаҿы иарбоу тезисқәак изеилдыргарц. Аӡбарҭагьы урҭ азеилмыргеит", - иҳәеит Домански.

Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иус азы уажәшьҭантәи аилатәара мҩаԥысуеит ԥхынгәы 3 рзы. Ахьчаҩ дақәгәыӷуеит аҩнытә рбаандаҩрала аус еилыргахап ҳәа.

Кирилл Вышински идгыларазы акциа - Sputnik Аҧсны
Пушкови ОБСЕ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩи Вышински иус иалацәажәеит

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0