Асанкциақәа рҭакс афатәлыҵтә ембарго аҿҳәара иацҵахоит

© Фото : предоставлено Екатериной ЕникАсанкциақәа рҭакс афатәлыҵтә ембарго аҿҳәара иацҵахоит
Асанкциақәа рҭакс афатәлыҵтә ембарго аҿҳәара иацҵахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин асанкциақәа рҭакс афатәлыҵтә ембарго аҿҳәара иациҵеит.

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Урыстәыла ахада  Владимир Путин Урыстәыла аганахь ала иалагало асанкциақәа рҭакс афатәлыҵтә ембарго аҿҳәара иациҵеит. Абри азы Аусԥҟа кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.

2014-шықәса нанҳәамзазы Путин инапы аҵеиҩит Аусԥҟа, Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа алазгалаз атәылақәа:  ЕАА, Евроеидгыла атәылақәа, Канада, Австралиа, Норвегиарҟынтәи ақыҭанхамҩаалыҵ Урыстәылаҟа аҳәааҭагалара азин ҟазымҵо. Ззин ыҟам аалыҵ ахь иаҵанакуеит: акәацлых, ахшлыҵ, аԥсыӡ, ауҭраҭых, ашәыр, арасалых.

Мраҭашәаратәи асанкциақәа аус руанаҵы урҭ рҭак усмҩаԥгатәгьы аус аулоит. Уажәы аембарго аҿҳәара 2019 анҵәамҭанӡа инахоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0