"Автодор" Џьубгантәи Аԥснынӡа амаршрут ҿыц азыԥхьагәанаҭоит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џьубгантәи (Краснодартәи атәылаҿацә, Тҟәаԥс араион) Аԥсны аҳәааҟынӡа автомашьынатә мҩеи аихамҩеи рыргылара авариантқәа ирыхәаԥшуеит.

АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. Урыстәылатәи аилахәыра "Автодор" Краснодартәи атәылаҿацәи Кавказ Амшынеиқәа иаԥну аҭыԥқәеи рҿы атранспорт аҿиара аус аднаулоит ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит аилаххәыра ахада Виачеслав Петушенко.

Участок автомобильной дороги Джубга - Сочи - Sputnik Аҧсны
Амҩаду Џьубга-Шәача Тҟәаԥстәи ахәҭаҿы аиҭашьақәыргылара хыркәшоуп

Иара иажәақәа рыла уажәы Џьубгантәи (Краснодартәи атәылаҿацә, Тҟәаԥс араион) Аԥсны аҳәааҟынӡа автомашьынатә мҩеи аихамҩеи рыргылара авариантқәа ирыхәаԥшуеит. Атәыла аладатәи акалҭ аҿиара амакет аус адырулоит атранспорт аусхк знапы алаку егьырҭ аилахәырақәагьы.

"Уажәтәи ҳусурақәа ирхықәку Амшынеиқәа аԥшаҳәа аԥсшьаҩҩцәа зегьы разнеира арманшәалароуп, атранспорттә хкқәа зегьы иреиқәҳәаларҭахарц ауп", - иҳәоит Петушенко.

Петушенко ишиҳәо ала апроект триллион мааҭ рҟынӡа ахәԥса тәоит. Ус шакәгьы апроект анынагӡахалак уи иақәхарџьуи иара аҟамзаара иҟанаҵо ахарџьи рыла уахәаԥшуазар иунаҭо еиҳа еиҳахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0