Симониан лондонтәи афорум альтернатива дақәшаҳаҭуп

© Sputnik РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМаргарита Симониан
Маргарита Симониан  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Британиа ААР Канада аиҳабыреи еиҿыркааз Апресса ахақәиҭразы афорум мҩаԥысуеит Лондон, ԥхынгәы 10 - 11 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 11— Sputnik. МИА "Россия сегодня", ателеканал RT аредактор хада Маргарита Симониан адгылара алҭеит асенатор Алексеи Пушков иаԥшьгамҭа – RT, Sputnik амаҵзурақәа ахьынармышьҭыз лондонтәи ауснагӡатә аиԥш зеиԥшу жәларбжьаратәи аконференциа амҩаԥгара.

"Аԥшьгамҭа бзиоуп. Уи ҳалацәажәоит. Арыцхәқәеи аформати ҳрызхәыцуеит", - ҳәа Симониан РИА Новости иазеиҭалҳәеит.

Британиа аиҳабыра RT, Sputnik русзуҩцәа аккредитациа рырымҭеит АИХ рхақәиҭраз Аглобалтә конференциахь. Ари ҵаҵӷәыс иарҭеит "RT, Sputnik адезинформациа ахьаладырҵәо" ҳәа ргәаанагара.

Скотланд-Иард Скрипальраа рус иалахәу ахԥатәи изы: аусҭҵаара иацҵахоит>>

Лондон уаанӡагьы урыстәылатәи АИХ русура иаԥырхагахон. Убас, Сергеи Скрипали иԥҳаи рҭоурых ашьҭахь апарламентарицәа аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟарҵеит RT алицензиа амхызарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0