Урыстәыла С-400 Ҭырқәтәылаҟа анашьҭра иалагеит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраС-400
С-400 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи аилаӡарақәа инарықәыршәаны, Урыстәыла азенит-ракетатә системақәа С-400 Ҭырқәтәылаҟа анашьҭра иалагеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik. Аилаӡарақәа инарықәыршәаны, Урыстәыла азенит-ракетатә системақәа С-400 Ҭырқәтәылаҟа анашьҭра иалагеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"ЗРК С-400 Ҭырқәтәылаҟа инашьҭуп. Дара наргоит апровинциа Анкара аҳаиртә баӷәаза Миуртед ахь", - ҳәа аанацҳауеит РИА Новости адыррақәа шьаҭас ирымоу Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра.

Ҭырқәтәыла С-400 Америка имҩаԥнагоз ақәмақаррақәа ирызхьамԥшкәа иаанахәеит.

Ердоган: иаҭаххар С-400 ахархәара аиуеит>>

Вашингтон С-400 НАТО астандартқәа ирықәшәом ҳәа иқәгылоуп, Ҭырқәтәылагь асанкциақәа азыҟаҳҵоит ҳәа рҳәахьеит. Пентагон акәзар, америкатәи аҳаирпланқәа F-35 аҿы ҭырқәтәылатәи аԥрыҩцәа рҽазыҟаҵара ааннакылеит, аҵара зҵозгьы ԥхынгәы 31 рҟынӡа атәыла аанрыжьырц рыдырҵеит.

Ҭырқәтәыла ахада Реджеп Таиип Ердоган ЕАА Ҭырқәтәыла F-35 ахьаанамырхәо ҵаӷьычроуп ҳәа ахиҳәааит.

ЕАА аҵараҵара иахысуаз ҭырқәтәылатәи аԥрыҩцәа F-35 ахь инарышьҭуам>>

Ҭырқәтәыла амчрақәа аҳәамҭа ҟарҵеит С-400 аахәара мап шацәырымкуазы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0