Зоушьҭымҭацәа руалафахәы ҳараку урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рыхьӡқәа рҳәеит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМГИМО
МГИМО - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареитинг шьақәыргылан 2013—2018шш. рызтәи аушьҭымҭацәа рыбжьаратә уалафахәы инақәыршәаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Аекономика иреиҳаӡоу ашколи МГИМОи роушьҭымҭацәа руалафахәы инақәыршәаны, урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рреитинг ахаҿы игылоуп. Ареитинг ашьақәыргылара мҩаԥнагон аусурҭа аԥшааразы амаҵзура Superjob аҭҵаарақәа инарықәыршәаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Арҭ аҵараиурҭақәа рыҩбагьы роушьҭымҭацәа руалафахәы 110 нызқь мааҭ артәоит. Уи адагьы, МГИМО аушьҭымҭацәа руалафахәқәа есышықәса 10-10 нызқь мааҭ ирыцлоит.

М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет аушьҭымҭацәа рулафахәы 100 нызқь мааҭ артәоит. Ахԥатәии аԥшьбатәии аҭыԥқәа ааныркылеит ақыҭанхамҩа Урыстәылатәи академиеи Урыстәыла аиҳабыра рҿы иҟоу Афинансқәа руниверситети (90-98 нызқь мааҭ).

Урыстәылатәи ауниверситетқәа адунеи иреиӷьқәоу рреитинг иаҵанакит>>

Ахәбатәи аҭыԥ ааннакылеит Адәныҟатә хәаахәҭра Урыстәылазегьтәи академиа. Уи аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа ироуеит 86 нызқь мааҭ аԥара.

Алтаитәии Аокеан ҭынчтәии ауниверситетқәа роушьҭымҭацәа — 54 нызқь мааҭ.

Ареитинг аҿы зынӡа 20 ҭыԥ ыҟоуп. Аҭҵаара иалахәын 45 ҵараиурҭа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0