Аспутникатә система "Галилео" аусура аанкылахеит

CC0 / / Спутник
Спутник  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Европатәи анавигациатә спутниктә система "Галилео" аусура ԥкуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Европатәи анавигациатә спутникатә система "Галилео" ахархәаҩцәа акосмостә аппаратқәа рҟынтәи адыррақәа рызрыдкылом ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Асистема "Галилео" аспутникқәа зегьы иахьазы аус руам.

"Ахархәара макьаназ иԥкуп. Урҭ русура хацыркхар адырра ҟаҵахоит", - аҳәоит ацентр асаит.

Апортал insidegnss.com, адыррақәа рыла аԥкра ҟалеит Италиа иҟоу "Галилео" аамҭатә комплекс аиԥҟьара иахырҟьаны.

"Галилео" – адунеи аҿы инареиҳау, урыстәылатәи ГЛОНАСС, америкатәи GPS, китатәи Beidou иреиԥшу глобалтә навигациатә спутниктә системоуп. "Галилео" агәыԥ иаҵанакуеит 26 спутник.

Аспутниктә система аус адырулон Евроеидгыла атәылақәа. Иара убас апроект иалахәуп Китаи, Израиль, Аладатәи Кореиа, Украина.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0